Даур Ақаҩба Иоханнес ван дер Клаау дидикылеит

Даур Ақаҩба Иоханнес ван дер Клаау дидикылеит
25 January 2017 912
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аахыҵ Кавказ ала Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Иреиҳаӡоу акомиссариат Анаҧхгараҭара арегионалтә хаҭарнак Иоханнес ван дер Клаауи реиҧылара мҩаҧысит.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа, Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы аминистрра аҟәша аиҳабы Артур Гагәлиа, Аԥсны иҟоу УВКБ ООН аофис ахада Азиз Рахджо.

Аиҧылара аартуа, Даур Ақаҩба, иарбоу аиҿкаара аусура атәы ибзианы ишидыруа уи ахәшьара ҳаракы шаиҭо азгәеиҭеит.

Иоханнес ван дер Клаау зхаҭарнакра мҩаҧиго аиҿкаара ареспубликаҿы аусуразы иманшәалоу аҭагылазаашьа ахьзаҧҵоу азы, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ҭабуп ҳәа еиҳәеит. Уи, иара убас, иҳаҩсыз амзқәа ирылагӡаны, аиҿкаара иамоу аихьӡарақәа дрылацәажәеит. Аахыҵ Кавказ ала Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Иреиҳаӡоу акомиссариат Анаҧхгараҭара арегионалтә хаҭарнак аминистр диҧыло, иарбоу аиҿкаара, 2017 шықәсазы Аҧсны иахьаҵанакуа зынагӡара азҧхьагәаҭоу апроектқәа иирдырит. Аиҧылара иалагӡаны, иара убас, аҩ-ганк зызҿлымҳау егьырҭ азҵаарақәа рганахьалагьы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Аахыҵ Кавказ ала Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Иреиҳаӡоу акомиссариат Анаҧхгараҭара (УВКБ (UNHCR) –аиҿагылараҿы еиҳа ааха зауз, зҭыгылазаашьа уадаҩу ауааҧсыра рхаҭарнакцәа ацхыраара рыҭара иазырхоу апрограммақәа назыгӡо Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иаҵанакуа амаҵзура. Аҧсны иарбоу аиҿкаара аофис 1993 шықәса инаркны аус ауеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: