Даур Ақаҩбеи Андреи Руденкои аиԥылара рыман

Даур Ақаҩбеи Андреи Руденкои аиԥылара рыман
30 September 2019 473

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденкои аиԥылара рыман Москва, цәыббра 30 рзы.


Аиҿцәажәара иатема хаданы иҟан изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҽырзыҟаҵара.


Аганқәа иара убасгьы ирылацәажәеит атәылақәа аҩба рыбжьара аизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа.


Аиԥылара мҩаԥысит Москва, цәыббра 30 рзы.


Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа ООН, ОБСЕ, ЕС реицхантәаҩрала жьҭаарамзазы имҩаԥгахоит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 49-тәи рраунд.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: