Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Ареспублика Никарагуа аконсулра даҭааит

Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Ареспублика Никарагуа аконсулра даҭааит
18 May 2023 217

2023 шықәса лаҵара 18 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба даҭааит Аԥсны иҟоу Ареспублика Никарагуа Аҳаҭыртә Консулра, Ареспублика Никарагуа амилаҭтә фырхаҵа Аугусто Сандино диижьҭеи 128-шықәса аҵра инамаданы.

«Аԥсны иҟоу Ареспублика Никарагуа Аҳаҭыртә Консулра ҳаҭаарц азы иҳашәҭаз ааԥхьара гәахәарыла иҳадаҳкылеит. Ҳара ибзианы иаадыруеит Ареспублика Никарагуа амилаҭтә фырхаҵа Аугусто Сандино ихьӡ-иԥша. Иаадыруеит ижәлар драԥхьагыланы америкатәи аоккупантцәа дшырҿагылаз. Сандино ижәлар рҟны иҳаҭыр ҳаракуп. Viva Sandino!» - иҳәеит Инал Арӡынба.

Аԥсны иҟоу Ареспублика Никарагуа Аҳаҭыртә Консул Алиас Ҳашба Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкадеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа риҭеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: