Адәныҟатәи аусқәа рминистр онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистр онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит
2 February 2023 224

Жәабран 2 рзы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аколлективи ронлаин-еилацәажәара. Уи далахәын ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.

Аилацәажәараҿы иазааҭгылан Ацҳаражәҳәарҭа аматериал-техникатә еиҿкаара аус. Ари ахырхарҭала аусурақәа ирылагоит иааиуа амчыбжь азы. Иаахәахоит онлаин-еилацәажәарақәа рымҩаԥгаразы ахархәагақәа.

Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа зегьы рзы иазырхиоуп амаҵзуратә абжьгарақәа. Дара-дара рыбжьара Урыстәыла иҟоу аҳәаанырцә цҳаражәҳәарҭақәа аус рыцуразы анапынҵақәа еихшоуп.

Активла имҩаԥысуеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҩ-тәылауаҩрак аиуразы Аиқәшаҳаҭра амчра аиуразы.

Уи адагьы иалацәажәан Москвеи Москватәи аобласти рыҟны Ацҳаражәҳәарҭа ахыбра ҿыци Симон Канантәи иныхабааши рыргылараз адгьылҭыԥқәа ралхра азҵаара.

Москва Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аартра ргәы иҭоуп Россотрудничествеи ЖәАМ "Россия сегодня" алахәны.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: