Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа арефрормақәа ирхыжьхоит

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа  арефрормақәа ирхыжьхоит
7 December 2022 299

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аттестациатә комиссиа алахәылацәеи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи алархәны.

Аԥсны ахада инапынҵала Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа маҷ-маҷ арефрормақәа ирхыжьхоит.

Аусутә онлаин-еилацәажәараҿы аминистр Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны амилаҭтә интересқәа ирыҵагыло, хра змоу институтны иҟалар шакәу.

"Ацҳаражәҳәарҭа оперативлеи хаҭабзиаралеи ҳацтәылауаа еиуеиԥшым рызҵаарақәа рганахь ала рырзаҳалқәеи, рзыҳәақәеи, рҭаххарақәеи ирызхьаԥшлароуп. Ацҳаражәҳәарҭаҿы иҟазароуп алҵшәа иазырхо, ипрогрессивтәу аҭагылазаашьа» ҳәа иҳәеит иара.

Уи адагьы аминистр иазгәеиҭеит Ацҳаражәҳәарҭа аусуразы есымчыбжьатәи аҳасабырбақәа шизынашьҭлатәу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – ес-ԥышьбаратәи аҳасабырбақәа. Аԥсны ахада ес-ԥышьбара иоулароуп Ацҳаражәҳәарҭеи Ацҳаражәҳәарҭа хаҭа-хаҭала аусуҩцәеи русуразы аҳасабырбақәа.

Иазгәаҭоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аттестациатә комиссиа Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәа русура хра змоу ахәшьара аиура иазырханы аусура ишалагаз.

Аилацәажәараҿы иалацәажәан Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәеи аҳәаанырцәтәылақәа рыцҳаражәҳәарҭақәеи реинырра аҭышәныртәалара асистема аларҵәара азҵаара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: