Инал Арӡынбеи Гарри Кәыпалбеи аиԥылара мҩаԥыргеит

Инал Арӡынбеи Гарри Кәыпалбеи аиԥылара мҩаԥыргеит
23 November 2022 264

Абҵара 23 азы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәыпалбеи реиԥылара.

Аиԥылараан ирылацәажәан аԥсны-приднестровиатә еинырра актуалтә аспектқәа, ԥхьаҟазы аусеицура апланқәа.

Аганқәа азыхиара аадырԥшит ԥхьаҟагьы Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара хықәкны иҟаҵаны аусеицура.

Инал Арӡынба Гарри Кәыпалба иԥылараан иазгәеиҭеит:

«Приднестровие аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара арегионалтәи мҽхакыҭбаалатәи ашәарҭадара аелемент хадақәа иреиуаны иҟоуп. Иаадыруеит аҭагылазаашьа еибархханы ишыҟоу. Ҳазыхиоуп ҳаизыҟазаашьақәа активла рыҿиара. Иуадаҩу ари аамҭазы ишәыдаагалоит аус адыжәуларц ҳаизыҟазаашьақәа активла рыҿиара аформатқәа».

Аганқәа аинырратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы еицеиқәышаҳаҭхеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: