Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылеит

Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылеит
2 December 2021 627

Ԥхынҷкәын 2 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аиԥылара мҩаԥыргеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини.

Аиԥылара иалахәын Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов.
Алексеи Двинианин Инал Арӡынба министрс иҟалара идиныҳәалеит, иусураҿы изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.

Аиԥылараан иазгәаҭан аҿар рполитика, акультура, аспорт, аҵарадырра русхк аҟны аурыс-аԥсуа проект ҿыцқәа рхацыркра актуалра шалоу.
Аусеицура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп Аԥсны аинтеграциатә процессқәа рылахәхара ҳәа азааҭгылара аҭан аиԥылараҿы.

Иара убасгьы ирылацәажәан аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа жәпакы.

Инал Арӡынбеи Алексеи Двинанини агәыӷра аадырԥшит ԥхьаҟагьы атәылақәа рыҩбагьы реизыҟазаашьа еиҳа инарҵауыланы арҿиара аус аҿы русеицура алҵшәа бзиақәа аанарԥшып ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: