Инар Ладариа Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит

Инар Ладариа Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит
17 February 2022 854

Жәабран 16 азы Манагуа имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа ахь инашьҭу азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Агәраргагатә шәҟәқәа анииҭоз ацеремониа.

Денис Монкада Инар Ладариа идиныҳәалеит Ареспублика Никарагуа идипломатиатә миссиа алагара, агәыӷра ааирԥшит активла иусура шымҩаԥиго азы Манагуеи Аҟәеи ԥхьаҟатәи русеицура арӷәӷәаразы.
Инар Ладариа Денис Монкада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит изыҟаҵаз адкылара ԥхазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи рҟынтәи никарагуатәи ажәлар асалам риҭеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: