Даур Ақаҩба ЕС ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар дидикылеит

Даур Ақаҩба  ЕС ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар дидикылеит
13 October 2020 835

Жьҭаара 13 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕЕ ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар. Аиԥылара иалахәын: Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Еврохеилак ахаҭарнак ҷыда иполитикатә бжьагаҩ Биорн Киуне, Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Еврохеилак ахаҭарнак ҷыда иофис аҿы аполитикатә бжьагаҩ Еммануель Анкетиль, ОБСЕ аполитикатә бжьагаҩ Готтфрид Ханне.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбаатәылаҿ коронавирустә инфекциа аҭагылазаашьа шыҟоу далацәажәеит. Иара иҳәеит иахьазы аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу, есыҽны ичмазаҩхо рхыԥхьаӡара ишацло. Иара убасгьы иазгәеиҭеит имариам аҭагылазаашьақәа раан аҳәынҭқарра иалшо зегь шыҟанаҵо аҿкы алаҵәара аҽамырҭбаарц азы.

Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕС ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар аминистр иирдырит аамҭалатә аимҳәазы алаҵа аиуразы аҳәара азхьаԥшра шаҭоу, Евроеидгыла шазыхио абҵарамзазы алаҵа Аԥсныҟа аашьҭра.

Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәан изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд амшхәаԥштә азҵаарақәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: