Жәабран 27 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистрДаур Ақаҩбеи Еидҵоу амилаҭқәа реилазаара арегионалтә ҳәаақәҵаҩ Нильс Скотти, Аԥсны иҟоу ПРООН апрограмматә офис ахада Нильс Скотти реиԥылара.
Аиԥылара иалахәын: аминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырраз Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, ООН аҳәаақәҵаҩ ицхырааҩ ҷыда Софи Хеллгерн, Аахыҵ Кавказ аҟны аҭынчреи аҿиареи рызҵаарақәа рзы абжьагаҩ Олег Процик.
Аиԥылараҿы ирзааҭгылеит Аԥсны иҟоу аилазаара ахаҭарнакрақәа русура ахырхарҭа хадақәа, агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа. Нильс Скотт иазгәеиҭеит Едҵоу амилаҭқәа реилазаара ахаҭарнакрақәа русура Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иадыруа, иҳәаақәнаҵо ишымҩаԥгалатәу. Дырзааҭгылеит ПРООН Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥнаго апроектқәеи 2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭаны иҟоу апроектқәеи. Аиԥылараҿы иазааҭгылеит иара убас наҟ-ааҟгьы аинтерес ззеицрыманы иҟоу азҵаарақәа ргуманитартә аспект.