Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәа дырԥылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәа дырԥылеит
3 March 2020 1072

Хәажәкыра 3 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрраҿы Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәа дырԥылеит.

Аицәажәараан итема хаданы ишьҭыхын коронавирус COVID-2019 азҵаара. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр аиԥылара алахәылацәа рахь аҳәара ҟаиҵеит авирус Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра аламырҵәаразы ацхыраара ҟарҵарц, хаҭала, иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рлахәылацәа русуратә ныҟәарақәа рыԥкреи еиуеиԥшым асеминарқәеи аиԥыларақәеи рыԥкреи.

Даур Ақаҩба иҳәеит арҭ ашьаҿақәа ззырхо коронавирус аҿагылара шакәу, аполитичкатә контекст шрымам.

Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәагьы ақәшаҳаҭуп аусԥкқәа шымҩаԥгатәу.

Акоронавирус хкыҿыц цәырҵит 2019 шықәса ԥхынҷкәын азы китаитәи ақалақь Ухань аҿы. Китаи анҭыҵ 70 тәыла рҟны ашьҭамҭа рбахьеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: