Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аиԥылара

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит  аиԥылара
9 June 2021 891

2021 шықәса рашәара 9 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаари, Джихан Султаноглуи, Аахыҵ Кавказ иҟоу ОБСЕ ахантәаҩы ихаҭарнак ҷыда Анника Сиодери рԥылара.

 
Традициа ҳасабла аиԥыларақәа иртеманы иҟоуп иҟалараны иҟоу аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә азҵаара алацәажәара.

Даур Ақаҩба аҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит амшхәаԥштә азҵаара атемақәа, амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи агарантиақәа реиԥш иҟоу аҟны апрогресс шхымԥадатәиу.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхантәаҩцәа азхьаԥшра арҭеит аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи разыԥхьагәаҭареи Амеханизм аусура аиҭахацыркра шаҭаху (МПРИ), Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы хра змоу инструментк аиԥш ишьаны.

Иара убасгьы ирылацәажәан арегионалтә шәарҭадара, хақәиҭрала аныҟәара иадҳәало адокументациа азҵаарақәа, иара убасгьы иҟалараны иҟоу араунд егьырҭ амшхәаԥштә азҵаарақәагьы.

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд мҩаԥгахоит 2021 шықәса рашәара 29-30 рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: