Аԥсни Никарагуеи рыбжьара авидеоконференциа мҩаԥысит

Аԥсни Никарагуеи рыбжьара авидеоконференциа мҩаԥысит
9 March 2022 377

Аԥсны ААР аҿы имҩаԥысит аҵара, акультура, аспорт, аҿартә политика русхкқәа рганахь ала аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аицусура аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Никарагуеи рыбжьара авидеоконференциа.

Аԥсуа ган ахь ала ауснагӡатә иалахәын: Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Акультура аминистр и.н. Динара Смыр, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуба, Аԥсны ААР Латинтәи Америкеи, Азиеи, АТР-и р-Департамент аиҳабы Мадина Зыхәба, Аԥсны ААР акультуратә еимадарақәа рзы акоординатор Сариа Џьопуа.

Никарагуатәи аган ахь ала ауснагӡатә иалахәын: Никарагуа ахада Иусбарҭа ахәаахәҭреи жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы абжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильо, Никарагуа ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Арлетт Маренко Меса, Никарагуатәи акультура аинститут (INC) ацдиректор Луис Моралес, Аҵара азҵаарақәа рзы ахада иабжьгаҩ Сальвадор Ванегас, Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр адиректор хада Рамон Родригес, Сандинисттә ҿар ркоординатор Милтон Руис, Акультуратә еиҿкаара анапхгаҩы Леонелиа Ругама Оскар Перес.

Аиԥылараан ирылацәажәан абҵарамзазы ишьақәдырӷәӷәаз 2022 шықәсазтәи аплан инақәыршәаны аминистррақәа рыбжьара иҟоу аусеицура.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсны-никарагуатә еизыҟазаашьақәа рҵакы шдуу, атәылақәа рыҩба рыбжьара ишышьақәгылаз аиҩызара ӷәӷәа, агәреибагара, аҳаҭыреиқәҵара.

Одиссей Бигәаа иазгәеиҭеит аԥсны-никарагуатә политикатә диалог аҿиара шамоу, аҳәынҭқаррабжьаратә еинырра акәзаргьы апроект ҿыцқәа рыла ишхаҭәаауа. Аусураҟны ишьаҿа ҿыцны иҟалаз Никарагуа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартрагьы хра змоу шакәу иҳәеит иара.

Аиԥылараан агәыӷра ду аарԥшын абҵарамзазы ишьақәдырӷәӷәаз 2022 шықәсазтәи аплан инақәыршәаны Аԥсни Никарагуеи рыжәлар ринтересқәа рынагӡаразы ҩ-ганктәи аусеицура еиҳа-еиҳа аҿиара аиуп ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: