Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд алахәылацәа рыпресс-конференциа мҩаԥысит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд алахәылацәа рыпресс-конференциа мҩаԥысит
16 December 2020 846

2020 шықәса ԥхынҷкәын 10-11 рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла ареспублика, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩцәа. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.

Ԥхынҷкәын 16 рзы Аԥсны ААР аҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд алахәылацәа рыпресс-конференциа мҩаԥысит. 

Ауснагӡатә иалахәын Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Жәлар реизара адепутат Астамур Логәуа, Аԥсны ААР Аконсултә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Лаша Аҩӡба, Аԥсны ААР жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: