Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Инал Арӡынбеи Феисал Микдади реиԥылара

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Инал Арӡынбеи Феисал Микдади реиԥылара
25 August 2022 505

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад зхадараҿы дыҟоу шьамтәылатәи аделегациа.

Ҳаԥсуа дгьыл аҟны бзиала шәаабеит ҳәа шаҳҳәоит, ари кыр зҵазкуа хҭысуп ҳара ҳзы иҳәеит Арӡынба Шьамтәылатәи аделегациа алахәылацәа аԥсшәа раҳәо.

Инал Арӡынба агәыӷра ааирԥшит «адиалог Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара иацызҵо акакәны иҟалап ҳәа», Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистрра ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Дамаскҟа дахьнеиԥхьаз азы.

Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад иҳәеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара машәырны ишыҟамлаз, уи шьаҭас ишамаз арҭ аҩ-тәылак рыжәларқәа реинырра аҭоурых ду.

Аиԥылараан ирылацәажәан аԥсны-шьамтәылатә еизыҟазаашьақәа нарҭбааны, ҷыдала ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа, иара убасгьы ирзааҭгылан акультура, аҭҵаарадырра, аҵара, евразиатәи аинтеграциа уҳәа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны аусеицура азҵаарақәа.

Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа русутә еицәажәарақәа лҵшәа бзиала ихыркәшан, аганқәа аполитикатә констультациақәа рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: