Хьыбла Амҷԥҳа Жәларбжьаратәи аконференциа далахәын

Хьыбла Амҷԥҳа Жәларбжьаратәи аконференциа далахәын
19 November 2019 1371

Ииасыз амчыбжь азы Берлин ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи аконференциа «Международный Диалог по передвижению в Умном Городе». Иара еиҿнакааит Academus Berlin GmbH. Аконференциа иалахәын адунеи ақалақьқәа жәпакы рхадарақәа рхаҭарнакцәа, абизнес алахәылацәа, аҭҵаарадырратә еилазаареи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.

Ара иҟан: Германиа, Италиа, Чехиа, Великобританиа, Урыстәыла, Индиа, Канада, Израиль, Нигериа, Марокко, Аладатәи Африка уҳәа егьырҭ атәылақәа руааԥсыра.

Аԥсны ахьӡала аконференциахь ааԥхьара рыман аҳәынҭқарратә мазара анапхагараҭареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиеи ФРГ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рхаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳаи. Мзызқәак ирыдҳәаланы Вахтанг Ԥиԥиа ауснагӡатә ихы изаламырхәит. Иара инапынҵалеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡалеи аконференциаҿы Хьыбла Амҷыԥҳа ажәахә ҟалҵеит. Лара ареспублика иазкны инарҭбаау аинформациа рылҭеит, Аԥсныҟа ааԥхьара ҟаҵо илҳәеит асеиԥш иҟоу аинновациатә проектқәа рҟны аԥышәа аимдара хра ду рыманы ишыҟоу. Ауснагӡатә аформат ԥшьымштәи апрограмма шьақәнартәон.

Асеиԥш иҟоу адиалогқәа ирылҵшәахароуп ауаажәларра рҭахрақәа ирықәшәо акраамҭатәи астратегиа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: