Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit ахҳәаа рнаҭеит

Аԥсны  Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit ахҳәаа рнаҭеит
29 July 2021 1767

Есышықәса НАТО имҩаԥнаго арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2021 Қырҭтәыла иалагеит сынтәа ԥхынгәы 26 азы. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 2,5 нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа алианс атәылақәа 15 рҟынтәи– Азербаиџьан, Великобританиа, Германиа, Қырҭтәыла, Испаниа, Италиа, Канада, Латвиа, Литва, Польша, Румыниа, ЕАА, Ҭырқәтәыла, Украина, Естониа.

Аҟәа агәҭынчымра азцәырнагоит Қырҭтәылеи иара мраҭашәаратәи апартниорцәеи рырратә активра ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2021 ахҳәаа рыҭо.

НАТО Аахыҵ Кавкази Амшын еиқәеи рҟны активла аҟазаара, Қырҭтәыла арратә лшара аизырҳара иарбанызаалак арратә ҭахызаарак иақәшәом, аилкаара аҳәаақәагь ирҭысуеит ҳәа рҳәоит аминистрраҿы.

Арҭ аҽазыҟаҵарақәа арегион аҿы аибарххара иацрымҵозар акала ихәарҭам, арегионалтә шәарҭадара аиҿкааразы аҽазышәарақәагьы ҵыршәаауеит.

ЕААи НАТОи рахь алаоиалра аарԥшуа Қырҭтәыла идеструктивым ахымҩаԥгашьа аанарԥшуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала амч ахамырхәаразгьы ҭакԥхықәрак иаҵагылар аҭахым.

Аԥсны Қырҭтәылеи НАТОи рырратә ҽазыҟаҵарақәа ирышьклаԥшуеит, Қырҭтәылеи иара апртниорцәеи рганахь ала иарбанызаалак провокациак ҟалар аҭакҟаҵара иазыхиоуп ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы иагьазгәарҭоит 2008 шықәсазы Қарҭ мраҭашәаратәи арратә алианс алахәхара аҭахны Аахыҵ Уаԥстәыла аганахь ала аибашьра анҭанаҵа иҟалаз рхадмыршҭырц.

Ари авантиура иахҟьаз ахаршҭра иаԥсам.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: