Ажәабжь ҿыцқәа

26 August 2023 222
Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Уи аахыс ари амш атәылаҿы иҳәынҭқарратә ныҳәаны иазгәарҭоит. 
24 August 2023 285
Иахьатәи аамҭазы жәларбжьаратәи ашәарҭадара асистема акыр иеибарххоуп Урыстәылеи аколлективтә Мраҭашәареи рыбжьара. Асеиԥш аан АИХқәа рҟны иӡырырго аҳәамҭақәа Адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы агеополитикатә еиҿагылара иалҵшәаны иахәаԥшуеит. 
23 August 2023 151
Урыстәыла Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аконцерт мҩаԥысит, нанҳәа 23 рзы.
23 August 2023 136
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Викториа Маланиа он-лаин формат ала далахәын Жәларбжьаратәи астол гьыжь «Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла. Урыстәылатәи Афедерациа ареспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15-шықәса. Аԥышәеи аԥеиԥшқәеи».
Нанҳәамза 17 – 21 рзы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуан адипломат ҿарацәа еидызкыло VI Аглобалтә форум. Уи рхы аладырхәуеит 40 тәыла рҟынтәи алахәылацәа 130-ҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак анаԥхьарала Аԥснытәи аделегациагьы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа рԥылараан далацәажәеит ҳтәыла акәша-мыкәша иҟоу актуалтә политикатә ҭагылазаашьа, Аахыҵ Кавказ арегион аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашаьқәа, ҳпартниор хада – Урыстәылатәи Афедерациа азыҟазаашьаҿы аԥыжәара змоу азҵаарақәа ртәы.
Аԥсны АдәАР ахада иааԥхьараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит  нанҳәа 26 азы  ишыҵуа 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аҳәынҭқарратә суверинитет азханаҵеижьҭеи.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба имшира идиныҳәалеит.
2023 шықәса нанҳәа 14 рзы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа Арра-мшынтә мчқәа рышьаҭаркра 43 шықәса ахыҵра аныҳәа далахәын.
14 August 2023 200
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҿы иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман инаԥхьарала далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа. ымра 198 шықәса ахыҵра аныҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: