Даур Ақаҩбеи Даниель Ортегеи реиԥылара мҩаԥысит

Даур Ақаҩбеи Даниель Ортегеи реиԥылара мҩаԥысит
21 July 2019 1271

Манагуа, Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ареспублика Никарагуа Апрезидент Даниель Ортега реиҧылара мҩаҧысит.

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даниель Ортега идкылара азы ҭабуп ҳәа еиҳәеит, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟынтәи Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵра инамаданы дидныҳәалеит. Даниель Ортега Ареспублика Никарагуеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа рҵакы ахадара дазааҭгылеит, анаҩсгьы урҭ рҳәаақәа рырҭбаара шалыршахо азы агәыҕра ааирҧшит. Ареспублика Ниарагуа Апрезидент иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахадарахь алхрақәа рҿы ақәҿиарақәа изеиҕьаишьеит. Ахәҭакахьала, Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа аделегациа нанҳәамза 25, 2019 шықәсазы Аҧсны имҩаҧысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахадарахь алхрақәа рҿы анаҧшыҩцәа раҳасабала алахәхара азы ааҧхьара риҭеит. Имҩаҧысыз аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа иара убас аҩганктәи ауеицура ихадоу ахырхарҭақәа рыла ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Аминистр иара убас Даниель Ортега иара ианизыманшәалоу аамҭа алхны Аҧсны аофициалтә визитла даҭааразы ааҧхьара ииҭеит. Аиҧылара ахыркәшамҭаз аҩганк ахаҭарнакцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: