Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Иммад Ҳамиси Аԥснытәи аделегациеи аиԥылара рыман

Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Иммад Ҳамиси Аԥснытәи аделегациеи аиԥылара рыман
21 August 2017 1429
Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Иммад Ҳамиси Аԥснытәи аделегациеи аиԥылара рыман 2017 шықәса нанҳәа 21 рзы.

Аԥснытәи аделегациа иалахәын: Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәылеи Мрагылара ааигәеи рыҟәша аиҳабы Енвер Алшәындба.

Аиԥылара аартуа Иммад Ҳамис Шьамтәыла Ахада ихьӡала аԥсуа делегациа аԥсшәа ериҳәеит, инаҵшьны ҭабуп ҳәагьы иҳәеит Аԥсны анапхгара имҩаԥырго аобиективтә позициазы.

Иммад Ҳамис Дамаск ақалақь аҟны имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Аԥснытәи аделегациа алахәра ахә ҳаракны ишишьоу атәы иҳәеит.

Иммад Ҳамис иажәақәа рыла Шьамтәыла аиҳабыра ирԥылоу ауадаҩрақәа ирцәымшәакәа аҭынч ԥсҭазаара ашьақәыргылареи асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи рҽазыршәоит.

Шьамтәыла Апрезидент Башар Асад идҵақәа ирықәныҟәо шьамтәылатәи аиҳабыра хықәкны ирымоуп астратегиатә партниорцәа аус рыцура. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы. Шьамтәыла Аԥсны ҩызатә ҳәынҭқарран иахәаԥшуеит, хықәкынгьы иамоуп ҩ-ганктәи аҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы рырҿиара.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иакәзар Шьамтәылатәи Ареспублика жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагылан ақәԥара имҩаԥнаго адгылара шаиҭо атәы азгәеиҭеит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ҭабуп ҳәа реиҳәеит Шьамтәыла аиҳабыра Аԥснытәи аделегациа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхарц азы ааԥхьара ахьырзаарышьҭыз азы. Ацәыргақәҵаҟны Аԥсны хаз иго апавильон аманы аҭааҩцәа ирызцәырган.

Аминистр Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит Аԥсны Шьамтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа рганахь аинтерес ду шаадырԥшуа атәы, жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагыланы рықәԥара ишадгыло атәы. Иара иҳәеит агәыӷра ду шимоу рацәак имгакәа Шьамтәыла иамоу аԥынгылақәа зегьы ириааины аҭынч бзазара иазыхынҳәып ҳәа.

Иара убасгьы Шьамтәыла Апрезидент Башар Асад ҭабуп ҳәа изынеицҳаит Аԥсны аделегациа Шьамтәыла иҟанаҵ ирзыҟарҵоз агәцаракразы, адкылара ҟәандазы.

Даур Ақаҩба Аԥсны анапхгара рыхьӡала ааԥхьара ҟаиҵеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аофициалтә делегациа аҭактә визит Аԥсныҟа имҩаԥнагарц азы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: