Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар Асад идикылеит Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа

Шьамтәылатәи Арабтә республика  ахада Башар Асад идикылеит Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа
5 October 2020 649

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа аҽалархәразы Шьамтәыла иҟоу Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа жьҭаара 5 рзы Дамаск идикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар Асад.
Аиԥылара иалахәын: Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Жәлар реизара адепутат Џьинџьолиа Омар,Шьамтәыла иҟоу Аԥсны азинҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Хәытаба Баграт.
Башар аль-Асад аделегациа алахәылацәа аԥсшәа раҳәо аԥсуа жәлар зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит. Иара иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара хра аманы ишибо, инаҵшьны иазгәеиҭеит Ацҳаражәҳәарҭа аартра аҳәынҭқаррабжьаратә еимадарақәа ишрыцхраауа.
Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа Аслан Бжьаниа Башар Асад асалам шизааиҭииз иеиҳәеит.
Кәыҵниа иазгәеиҭеит Аԥсны ажәлар Шьамтәылатәи Арабтә республика ауааԥсыра адгылара шрырҭо жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагылан рықәԥараҿы, ртәыла аҵакырадгьыли рсуверенитети ахьырыхьчо азы. Уи адагьы иара Башар Асад Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит иара ианизыманшәало аамҭазы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: