Аԥснытәи адипломатцәа БРИКС+ Афорум иалахәын

Аԥснытәи адипломатцәа БРИКС+ Афорум иалахәын
26 November 2022 352

2022 шықәса абҵара 24 - 26 рзы Санкт-Петербург имҩаԥысит БРИКС+ атәылақәа IV Жәларбжьаратәи рмуниципалтә Форум. Ауснагӡатә мҩаԥган Урыстәыла ААРи Россотрудничествеи иҟарҵаз адгыларала.

Афорум аусура иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа: Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Ирина Турааԥҳа, Џьемал Бганба, Алиас Асабуа, Ҭамаз Смыр.

Видиоеимадарала Афорум алахәылацәа дрыҿцәажәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

БРИКС+ атәылақәа Жәларбжьаратәи рмуниципалтә Форум есышықәсатәи уснагӡатәуп.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: