Лассы-лассы иҟарҵо азҵаарақәа

Адырра ахәҭоуп!

Урыстәыла-Аԥснытәи аҳәаала Аԥсны алалараан ишәхашәмыршҭын Урыстәылеи Аԥсни рҳәынҭқарратә ҳәаа атәылауаа рахысреи, атауарқәа рахыгареи, авалиута ахыгареи рзы аԥҟаррақәа рдырра. Аԥҟаррақәа еидкылан иарбоуп Урыстәылатәи Афедерациа аҳазалхратә ԥҟаррақәа Реизгаҟны, аиҳаракгьы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл аҟынтәи аҽа тәылак ахь алалара аԥҟаррақәа ирықәшәоит.

Иарбан документқәоу Аԥсны алаларазы зымазаара ахәҭоу?
90-мшы еиҳамкәа Аԥсны иаанхо Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Аахыҵ Уаԥстәыла, ПМР, Тувалу, Венесуела ртәылауаа аҩныҵҟатә паспорт рымазар азхоит. 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа аиразы аршаҳаҭга рымазароуп.

Хыхь еиқәыԥхьаӡоу атәылақәа ртәылауаа 90 мшы инареиҳаны Аԥсны иаанхозар аҳәаанырцәтәи апаспорт рымазароуп. Уи ашьҭахь иахәҭоуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә Департамент аҟны авиза аиура.
Иарбан документқәа иахәҭаны иҟоу ахәыҷқәа уцны Аԥсны алаларазы?
Ахәыҷқәа ранацәеи рабацәеи рыда егьырҭ имҩаԥызго зегьы анотариус иҟны ишьақәырӷәӷәо агәраргага рымазароуп.
Ахәыҷқәа рзы иахәҭаны иҟоу адокументқәа?
14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рзы апаспорт мамзаргьы аиразы аршаҳаҭга ада аҽа документк аҭахны иҟаӡам.
Автотранспорт ала аҳәаа ахысра?
ААП «Ԥсоу» ахысраан автомобилтә транспорт ҭаҩтәуп. Ари ауснагӡатә аҳәааҟны имҩаԥыргоит.
Аԥсны атәылауаҩ ареспублика анҭыҵ ипаспорт ицәыӡзар иҟаҵатәузеи?
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭахь адырра ҟаҵатәуп мамзаргьы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адырра ҟаҵатәуп.
Аҽа тәылак атәылауаҩ, Аԥсны иҟазаараан зпаспорт зцәыӡыз, иҟаиҵараны ихәҭозеи?
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу итәыла Ацҳаражәҳәарҭа мамзаргьы Аконсултә маҵзурахьы адырра ҟаиҵароуп.
Аԥсны авиза ахәԥса абаршәо?
Абанкқәа рҟны мамзаргьы POS аелектронтә картақәа рыла авиза ахьрырҭо игылоу атерминалқәа рҟны
Аԥсны адокументқәа раргаматәра апроцедура шԥамҩаԥысуеи?
Адокументқәа раргаматәра апроцедура Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит аҟны иарбоуп. Аҟәша «Аргаматәра».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: