Ажәабжь ҿыцқәа
Аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа 2022 шықәса ԥхынҷкәын 15 азы Ареспублика Никарагуа XXXVIII Амилаҭтә Ассамблеиа асессиа аилатәара далахәын.
Ԥхынҷкәын 2 азы Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Еиду Арабтә Емиратқәа Рыцҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, ЕАЕ Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Абдула Хаким Аль-Нуаими инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Мухаммед Али ЕАЕ Рмилаҭтә мшы 51 шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаԥгаз адкылара далахәын.
Абҵара 30, 2022 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкааи азинмч нагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Барбадос Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы аамҭалатә гәрага Акинас Џь. Кларк инаԥхьарала ихы алаирхәит Барбадос ахьыԥшымра 56 шықәса ахыҵраз ауснагӡатә.
Абҵара 18 азы Аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа аекономика аминистрра анаԥхьарала даҭааит ареспублика есышықәсатәи анаплакыҩцәа рфестиваль. Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа аекономика аминистр Хустои Перес дицны никарагуатәи анаплакыҩцәа раалыҵ гәеиҭеит.
Цәыббра 10, Боливариантәи Ареспублика Венесуела Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи аназханаҵаз амш азы Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа дидикылеит Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Франсиско Арруе Де Пабло.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Ареспублика Никарагуа адипломатиатә дкылара мҩаԥган атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 14-шықәса аҵра иазкны.
Цәыббра 2 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Ареспублика Виетнам ацҳаражәҳәаҩ Ле Вьет Дуена инаԥхьарала ихы алаирхәит Виетнам ахьыԥшымра 77-шықәса ахыҵраз еиҿкааз аныҳәатә уснагӡатә.
Цәыббра 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа арратә мчрақәа шьаҭаркуижьҭеи 43-шықәса аҵразы имҩаԥысуаз ауснагӡатә далахәын.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман инаԥхьарала далахәын адокументалтә фильм " Боливиа аҳәынҭарратә мчра аиҭакра" ахәаԥшра. Афильм режиссиорс дамоуп Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу Ареспублика Аргентина ацҳаражәҳәаҩ Оскар Лаборде.