Ажәабжь ҿыцқәа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ишрыдышшыло атәы зҳәо ашәҟәы рышьҭит Шри-Ланка Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, уи атәылаҿы иҟалаз атҟәацрақәа ирыхҟьаны ауаа рацәа рҭахара инамаданы. Адышшыларатә шәҟаҟны иаҳәоит:
Италиа иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҷыдоу анапынҵақәа рзы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Италиа иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәаҩ Хуан Родригес Диас диҧылеит.
Жәабран 13 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани ООН иҟоу Шьамтәыла ахаҭарнак Хусам Еддин Ала диԥылеит.
Москва ақалақь аҿы хәажәкырамза 11, 2015 шықәса рзы Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа Рминистррақәа ирыбжьарҵаз Амеморандум ишьақәнарҕәҕәаз адәныҟаполитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, изаамҭанытәиу аконсультациақәа мҩаҧысит.
Венесуелатәи ахҭысқәа инарымаданы  Вашингтон иҟанаҵаз аҳәамҭа иаартны аҳәынҭқарратә мчра ахҳәарахьы ааԥхьароуп ҳәа азгәарҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит  ахәыҷқәа рзы еиҿкааз ашықәсҿыцазтәи акарнавал. Аныҳәа еиҿыркааит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи Москватәи аԥсуа диаспореи.
Берлин, Азеиԥш бызшәадырра Леибниц-центр аҿы (ZAS) имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аконференциа "Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа". Иара иалахәын аҵарауаа-алингвистцәа, еиуеиԥшым адиаспорақәа рхаҭарнакцәа. Аԥсуаа, абаскцәа, акаталонцәа, анепалцәа, тагалогаа, фулаа уҳәа егьырҭгьы ирыман алшара ртәылеи рбызшәеи рҭоурых иалацәажәарц.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТО и Қырҭтәылеи рыбжьара аусеицура еиҳа-еиҳа ахьаҽарӷәӷәо.
2018 шықәса, абҵара 12 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела агазеҭ  EL LIDER аҿы иркьыԥхьит астатиа «Аԥсны –аспорт атәыла»
Москва имҩаԥысит изаамҭанытәиу аконсультациақәа, 2015 шықәса хәажәкыра 11 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара анапы зҵаҩу Амеморандуп иазыԥхьагәанаҭо адәныҟаполитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: