Ажәабжь ҿыцқәа
Никарагуа иҟоу Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи Гондурас амилаҭтә фырхаҵа аинрал Франсиско Моразан Куесада диижьҭеи 232-шықәса аҵра иазку ацеремониа рхы аладырхәит.
Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов идипломатиатә миссиа ахыркәшара иазкыз аныҳәатә-дкылара рхы аладырхәит.
Дубоссари ақалақьи араиони ауааԥсыра рыԥсадгьыл рыхьчон 1990 - 1992 шықәсқәа рзы. Аԥсны азы ихьанҭаз амшқәа раан урҭ аганахь имгылакәа Аԥсны ацхырааразиааит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы ақәԥараз.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев адипломат идиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
«Иахьа ҳаиашьаратә республика, Аԥсны ажәлар иазгәарҭоит рныҳәа хада - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ҳара Аԥсныҟа адныҳәалара ҳашьҭит. Иаҳҭахуп шәаргьы ҳшәыдныҳәаларц, Аԥсны ажәлар рҟынӡа иҳазнажәгарц ҳажәа ҟәандақәа, иҟаҳҵо азеиӷьашьарақәа» ҳәа иҳәеит Алан Гаглоев.
2024 шықәса цәыббра 25 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Саудтәи Аравиа Акралра Амилаҭтә мшы 94-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз ауснагӡатә ихы алаирхәит.
2024 шықәса цәыббра 20 аҽны Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аомбундсмен Альфредо Хосе Руиса Ангуло инаԥхьарала Жәларбжьаратәи аҭынчра Амш амҩаԥгара далахәын.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Мексикатәи еиду аштатқәа Рыцҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит Мексика ахьыԥшымра Амш 214-шықәса ахыҵра иадҳәалоу аныҳәатә концерт.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Малаизиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала ихы алаирхәит Малаизиа ахьыԥшымра 67-шықәса ахыҵреи Малаизиа Амш 61-шықәса ахыҵреи рзы еиҿкааз аныҳәатә уснагӡатә.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Деиси Торрес Боске инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра рылаҳәара Амш аҽны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа амҩаԥгара далахәын.