Ажәабжь ҿыцқәа
Жьҭаарамза 11 рзы, Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа иҷыдоу аилатәара рхы аладырхәит. Аилатәараҿы атәыла азакәанԥҵаратә усбарҭа хада Палестина имҩаԥысуа агеноцид иақәыӡбеит, иара убасгьы Никарагуа аиҳабыра рахь аҳәара ҟанаҵеит Никарагуеи Израильи рыбжьара адипломаттә еизыҟазаашьақәа рԥыргаразы.
Шьамтәыла иҟоу Иԥшьоу Атәарҭа Ацҳаражәҳәарҭа (Ватикан) ааԥхьарала, Шьамтәыла иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, Пакистани Ермантәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Шьамтәыла рдипломатиатә уснагӡатәқәа рынагӡара иазку ацеремониа ихы алаирхәит .
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аиба аҩбатәи аҩаӡара иаҵанакуа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ ҳәа адипломатиатә хьӡы ианашьоуп.
Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Урыстәыла иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа «Аиҩызара аорден» ианашьара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. Аҳамҭа ианеишьеит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев. Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа ихы алаирхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба.
Никарагуа иҟоу Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи Гондурас амилаҭтә фырхаҵа аинрал Франсиско Моразан Куесада диижьҭеи 232-шықәса аҵра иазку ацеремониа рхы аладырхәит.
Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов идипломатиатә миссиа ахыркәшара иазкыз аныҳәатә-дкылара рхы аладырхәит.
Дубоссари ақалақьи араиони ауааԥсыра рыԥсадгьыл рыхьчон 1990 - 1992 шықәсқәа рзы. Аԥсны азы ихьанҭаз амшқәа раан урҭ аганахь имгылакәа Аԥсны ацхырааразиааит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы ақәԥараз.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев адипломат идиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
«Иахьа ҳаиашьаратә республика, Аԥсны ажәлар иазгәарҭоит рныҳәа хада - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ҳара Аԥсныҟа адныҳәалара ҳашьҭит. Иаҳҭахуп шәаргьы ҳшәыдныҳәаларц, Аԥсны ажәлар рҟынӡа иҳазнажәгарц ҳажәа ҟәандақәа, иҟаҳҵо азеиӷьашьарақәа» ҳәа иҳәеит Алан Гаглоев.
2024 шықәса цәыббра 25 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Саудтәи Аравиа Акралра Амилаҭтә мшы 94-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз ауснагӡатә ихы алаирхәит.