Ажәабжь ҿыцқәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Сандинисттәи ареволиуциа ҟалеижьҭеи 44-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭо иааиԥмырҟьаӡақәа Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыртә Консулра анапхгара ирныруеит. Иаиуеит аоперативтә информациа иҟоу аҭагылазаашьазы.
Рашәара 23, 2023 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы агәрагара змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа агәрагаҩы Муҳаммед Али бразилиатәи асахьаҭыхыҩ Луи Долино ицәыргақәҵа «Нур» даҭааит.
Рашәара 9 азы Манагуа, Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али лаҵарамза 28 рзы Шьамтәыла иҟоу Алада Африкатәи Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Барри Филлип Гилдер диԥылеит. Аиԥылара аҿы аганқәа Ацҳаражәҳәарҭақәа русеицура алшарақәа, иара убас аҩҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
2023 шықәса мшаԥы 26 азы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи аилахәыра TELESUR ахада Патрисиа Вильегаси реиԥылара.
Хәажәкыра 29 азы Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит амшын Амш 144 шықәса ахыҵра иадҳәалоу ауснагӡатә.
Урыстәыла, Москва, Кремль Азал ду аҟны азинмчнагӡеи аҷыдалкаамчреи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа 2023 шықәса мшаԥымза 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭоит.
Хәажәкыра 21 азы Аҳәынҭқарра Палестина Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит ауснагӡатә – Палестина акультуреи адгьыли Рымш.