Ажәабжь ҿыцқәа
Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Ахаҭарнакреи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа анапхгара ахантәаҩи алахәылацәеи Анталиа ақалақь аҿы иҟоу Аԥсуа культуратә центр аҿы аԥсуа-адыга еилазаара ирԥылеит.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Шьамтәыла адгьылҵысраан аԥсуа диаспора иаҵанакуа аӡәгьы дҭамхеит, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит уи азы Аԥсны АИХқәа рҿы ицәырҵыз аинформациа ахҳәаа аҭо.
2023 шықәса жәабран 6 азы имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа ахь инашьҭу азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа ахада Даниель Ортега Агәраргагатә шәҟәқәа анииҭоз ацеремониа.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар-аль Џьаафари Москва еиԥылеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 25 азы.
Ажьырныҳәамза 12 рзы Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Амилаҭтә Ассамблеиа аилатәара ихы алаирхәит. Араҟа Атәыла Ахада Николас Мадуро Морос есышықәатәи аҳасабырба адгалара мҩаԥигеит.
Ԥхынҷкәын 22, 2022 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы аамҭалатә гәрага Муҳаммед Али диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра аимадареи апротоколи Рдепартамент адиректор Анфауан Аль-Наиб.
2022 шықәса ԥхынҷкәын 19 азы Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала амилаҭтә фырхаҵа Симон Боливар диижьҭеи 192-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
Аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа 2022 шықәса ԥхынҷкәын 15 азы Ареспублика Никарагуа XXXVIII Амилаҭтә Ассамблеиа асессиа аилатәара далахәын.
Ԥхынҷкәын 2 азы Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Еиду Арабтә Емиратқәа Рыцҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, ЕАЕ Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Абдула Хаким Аль-Нуаими инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭалатәи рыгәрага, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Мухаммед Али ЕАЕ Рмилаҭтә мшы 51 шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаԥгаз адкылара далахәын.