Ажәабжь ҿыцқәа

Жьҭаара 23 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Алиса Гыцԥҳа напхгара ззылуа IV Жәларбжьаратәи амузыкатә аицлабра-лабораториа «Амузыка – дгьыли ҳәааи зыбжьам адиалог» аҿы аиааира згаз аԥхьахәқәа ранашьара аныҳәатә церемониа мҩаԥган.
Алиса Гыцԥҳа илаԥшьгамҭоу Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториаҿы Афонд "Инканто" ахапанагӡаҩ Катерин Веласкес лалахәхара инадҳәаланы имҩаԥысуаз апресс-конференциа Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа иҽалаирхәит Никарагуа Аоператә шәаҳәара афонд "Инканто" анапхгаҩцәа Лауреано Ортегеи Елис Пикадои рнаԥхьарала.
2025 шықәса жьҭаара 6 рзы Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Ареспублика Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Гондурас аруаҩ Имши аинрал Франсиско Моразан имширеи разгәаҭара далахәын.
2025 шықәса жьҭаара 4 азы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Ареспублика Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи аминистр-иабжьгаҩ Алиас Аибеи америкагәҭантәи ахьыԥшымра афырхаҵа, аинрал Франсиско Моразан иира 233 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатә иалахәын.
2025 шықәса цәыббрамза 29 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Аҳәынҭқарратә суверенитети аҭынчреи рзы амилаҭтә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Хорхе Родригес инапхгарала имҩаԥысуаз аиԥылара ихы алаирхәит.
Ареспублика Никарагуа Акультура аминистрреи Афонд «Инканто»-и рааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуатәи аоператә Фонд "Инканто" агала-концерт иаҭааит. Аконцерт мҩаԥысит Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр аҿы.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 32 шықәса ахыҵра амш аҽны, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакраҿы азинмчнагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватамани 1993 шықәса ааԥынразы Аԥсныҟа цхыраара иааз Сергеи Белинскии реиԥылара мҩаԥысит.
Цәыббра 25-26 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьагаҩ Алиас Аибеи, Амилаҭтә полициеи ашьаҭаркра 46 шықәса ахыҵраз аусмҩаԥгатәи аполициаа рпарад "Акзаара. Амчра. Аиааира." ирылахәын.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥшьатәарҭа Цқьа (Ватикан) Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск ақалақь аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә далахәын.
2025 шықәса цәыббра 24 рзы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи рхы аладырхәит Урыстәылатәи арегион ҿыцқәа – Донецктәи жәлар Рреспублика, Лугансктәи жәлар Рреспублика, Запорожиеи Херсонтәии аобластқәа Урыстәылатәи Афедерациа иахәҭакны рыдыркылара Ареспублика Никарагуа иахьазханаҵаз иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә иалахәын.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: