Ажәабжь ҿыцқәа
2024 шықәса жьҭаара 30 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла ахада ихаҭыԥуаҩ, адоктор Фаисал Аль-Микдади реиԥылара мҩаԥысит.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла Астудентцәа рмилаҭтә Еидгыла ахада Дарин Сулеимани аиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Геис Аль-Ҳарки, Шьамтәыла астудентцәа Рмилаҭтә Еидгыла адәныҟатәи аимадара аҟәша аиҳабы, адоктор Али Баракаҭ.
Жьҭаарамза 24 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдсаров иҟаиҵаз ааԥхьарала, абарельеф “Циолковски К.З., Королев С.П., Гагарин Иу.А.” аартраз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
Жьҭаарамза 22 рзы, Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы, Никарагуа знапынҵа назыгӡаз, аҷыдалкаатә уснагӡатәқәеи азинмчнагӡеи змаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов адипломатиа аганахь ала аԥсуа-аурыс усеицура арӷәӷәараҿы иҟаиҵаз алшамҭақәа рзы аиубилеитә медал “Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра –30 шықәса» ианашьара ацеремониа мҩаԥысит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Афонд «Шьамтәылатәи аҭаацәаратә диалог» анапхгара ахантәаҩы Ахед Шарифа дылԥылеит.
2024 шықәса жьҭаара 18 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, афорум «БРИКС: ахырхарҭарацәатә дунеи аргылара апроцесс аҿы» ихы алаирхәит.
Жьҭаарамза 14 рзы, Ареспублика Никарагуа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала, Никарагуа иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 45-шықәса аҵразы ауснагӡатә рхы аладырхәит.
Жьҭаара 12 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хавиер Арруе инаԥхьарала Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит Венесуела ахада, акомендант Уго Чавес ихьӡ зху асофтбол азы VIII-тәи Ахраҿа «Ажәларқәа реиҩызара» аартра ацеремониа аартра
Жьҭаарамза 11 рзы, Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа иҷыдоу аилатәара рхы аладырхәит. Аилатәараҿы атәыла азакәанԥҵаратә усбарҭа хада Палестина имҩаԥысуа агеноцид иақәыӡбеит, иара убасгьы Никарагуа аиҳабыра рахь аҳәара ҟанаҵеит Никарагуеи Израильи рыбжьара адипломаттә еизыҟазаашьақәа рԥыргаразы.