Ажәабжь ҿыцқәа
Аҭҵаарадырратә журнал "Петербургтәи кавказҭҵааратә альманах" актәи аномер ҭыҵит. Альманах аҿы икьыԥхьоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Германиатәи Афедералтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба лыстатиа "Аԥсуа бызшәеи уи Кавказтәи абызшәатә ҭаацәараҿы иааннакыло аҭыԥи". Аматериал кавказтәи абызшәатә ҭаацәара аконтекст аҿы аԥсуа бызшәа иааннакыло арольи уи аҭҵаареи аиқәырхареи рҿы иахьатәи азҵаарақәеи ирызкуп.
Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч наӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба Берлин Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата (DIHK) аҿы имҩаԥысыз аекономикатә форум далахәын.
Абҵара 29-30 рзы Никарагуа имҩаԥысит Жәларбжьаратәи агастрономиеи, акультуреи, атрадициақәеи рфестиваль. Аусмҩаԥгатә еиднакылеит 39тәыла рхаҭарнакцәа.
Абҵара 14 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика иҟоу азинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватамани Тирасполь ақалақьтә Жәлар Рдепутатцәа Рхеилак ахантәаҩы Вадим Дони Ареспублика Приднестровиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакраҿы русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Никарагуа иҟоу Палестина Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи аминистр-ихаҭыԥуаҩ Алиас Аибеи Палестина ахада Иасир Арафат иԥсҭазаара далҵижьҭеи 21 шықәса аҵра иазкны ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.
2025 шықәса абҵарамза 11 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы азинмчы наӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиатәи Ацентртә алхратә комиссиа алахәыла Викториа Иладиеи реиԥылара мҩаԥысит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу аԥсуа-черқьестә уаԥшьи рыбжьара асоциалтә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии аполитикатә зҵаарақәа рзы Адепартамент ахаҭарнак Аҳмад Бадауи Алеппо ақалақь аҿы иҟоу Ачерқьестә гәыҳалалратә Еилазаара аштаб-квартира иаҭааит.
Апровинциа Алеппо аҭаараан, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али апровинциа Алеппо аполитикатә усқәа рзы Анапхгараҭара адиректор Ибраҳим Ибраҳим диԥылеит.
Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Палестина Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Маџьид Заки Абу аль-Ҳава Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ҳаҭырла диҭааит.