Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко дидикылеит Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.
Аиԥылараан ирылацәажәан аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа, адәныҟаполитикатә еиныррақәа рызҵаарақәа.