Ажәабжь ҿыцқәа

Иахьа, абҵарамза 11 рзы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд абҵарамза 11 рзы Женева ақалақь аҿы иалагоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женеваҟа инеиит, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд алахәхаразы.
Жьҭаара 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Аладатәи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ЕС аҟынтәи ацхантәаҩ Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи ацхантәаҩ ахантәаҩы Кшиштоф Ернст Спети, аиҿцәажәарақәа рҿы ООН ахаҭарнак инапынҵақәа назыгӡо Хаилу Мамо. Аԥсуа ган аҟынтәи аиҿцәажәарақәа ирылахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа – Артур Гагәылиа, Лаша Аҩӡба.
2025 шықәса рашәара 26 азы, Женева ақалақь аҿы, Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд аҩбатәи аусуратә мшы мҩаԥган.
2025 шықәса рашәара 25 азы, Женева ақалақь аҿы, Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд актәи аусуратә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥсуа ган аԥшьгарала, жәларбжьаратәи аекспертцәа алархәны, ԥкырада аныҟәара атемала аинформациатә сессиа мҩаԥган.
2025 шықәса рашәара 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ и.н. Одиссеи Бигәааи Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: ООН аҟынтәи Џьиҳан Султаноглу, ЕС аҟынтәи Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи Криштоф Ернст Шпети реиԥылара мҩаԥысит.
2025 шықәса рашәара 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц идикылеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: ООН аҟынтәи Џьиҳан Султаноглу, ЕС аҟынтәи Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи Криштоф Ернст Шпети.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд Женева ақалақь, ЕАР Амилаҭқәа Рхан аҿы хәажәкыра 4-5 рзы имҩаԥысит. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Америкатәи Аштатқәеи, иара убас жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа – Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгылеи, Евроеидгылеи, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаареи рделегациақәа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи - Џьихан Султаноглу, Европатәи атәылақәа Реидгыла аҟынтәи - Магдален Гроно, иара убас Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадара Аиҿкаара аҟынтәи - Кристоф Ернст Спати.
Женева ихыркәшахеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд. ЕАР, ОБСЕ, ЕХ рыцхантәаҩрала имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рхы рыладырхәит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭәыла, Урыстәыла, Еиду Америка Аштатқәа. Аԥснытәи аганахьала аиԥылара иалахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа, Аԥсны АдәАР ахаҭарнакцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: