Ажәабжь ҿыцқәа
13 December 2025 1
Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рнапхгара алахәны имҩаԥысыз аилацәажәара иазкны асоциалтә ҳақәа рҿы ииашам ацәажәарақәа ахьеизҳауа инамаданы, адырра ҟаҳҵоит:
12 December 2025 6
2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 12 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи акоординациатә еилацәажәара мҩаԥыргеит.
Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа Евразиатәи Аилазаара (Берлин) анапхгара ааԥхьарала итрадициатәу Қьырсаныҳәа ахәылԥаз даҭааит.
Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш инамаданы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ауаажәларратә палата Ахеилак алахәыла, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Сократ Џьынџьал иира амш идиныҳәалеит.
Ԥхынҷкәын 11 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессорра-рҵаҩратә еилазаареи азанааҭ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» астудентцәеи реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Олег Барцыци ААУ аректор Алеко Гәарамиеи реиԥылара.
Ԥхынҷкәынмза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» афакультет астудентцәа дырԥылеит.
10 December 2025 24
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа истатиа. ИА "АԤСНЫПРЕСС" (АРЕСПУБЛИКАТӘ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УСБАРҬА "АԤСНЫМЕДИА")
Ԥхынҷкәынмза 9, 2025 шықәсазы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи адокументалтә кино афестиваль «RT Адок: Ҳфырхацәа раамҭа» аартра ацеремониа иаҭааит. Афестиваль Никарагуа Амилаҭтә синематека азал Ду аҿы имҩаԥысит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи 2025 шықәса ԥхынҷкәын 3 рзы зыԥсҭазаара иалҵыз Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмч змаз ацҳаражәҳәаҩ Николаи Михаил-иԥа Владимир изкыз алахьеиқәҵаратә церемониа рхы аладырхәит.