Ажәабжь ҿыцқәа
Александр Ватаман Урыстәылатәи Афедерациа аҭынчрахьчаратә мчқәа Приднестровиа иалагалоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Британиа Ду Аԥсны аҳаҭыр змоу аконсул, британиатәи аҵарауаҩ - кавказҭҵааҩ, "Ахьӡ –Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Џьорџь Хьиуитт иԥшәма Заира Хьиԥҳа лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы дидашшылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто Аԥсни Венесуелеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 15 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 21 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа официалла иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны аофициалтә делегациеи Абанк Хада ахантәаҩи афинансқәа рминистрра ахаҭарнакцәеи реиԥыларамҩаԥысит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 21 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа официалла иаҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Никарагуатәи аинформациатә хархәагақәа рзы апресс-конференциа мҩаԥигеит.
Ԥхынгәымза 21 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Никарагуа аофициалтә визитла рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентскеи реиԥы
лара мҩаԥысит.
Ԥхынгәымза 21 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Никарагуа аофициалтә визитла рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци жәларбжьаратәи аинвестициатә усеицуреи ахәаахәҭра аҿиареи рзы Ареспублика Никарагуа ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильои реиԥылара мҩаԥысит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы агәрагаҩы Валески Фиореллы Лопес инаԥхьарала, Асандинисттә револиуциа Аиааира 46 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Колумбиа ацҳаражәҳәаҩ Мильтон Ренгифо инаԥхьарала, Ареспублика Колумбиа ахьыԥшымра Амш 215 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.