Аҳәынҭқарразы аполитикатә ҭышәынтәалара аҵак ду амоуп, аԥсуа жәлар ирыхҭыргахьоу аҳаҭыр абаразы мацаразгьы, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иашьклаԥшуеит, аекономикатә, асоциалтә, аполитикатә ҭагылазаашьа иаҿырԥшны рхатә ӡбамҭақәа рыдыркылоит. Уи аҵакы аманы исшьоит", - иҳәеит аминистр.
Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсны ААР аполитикатә дунеихәаԥшышьақәа ирыхьмырԥшыкәа ауаажәларра-политикатә мчрақәа зегьы аус рыцура ишазыхио.