Ажәабжь ҿыцқәа
22 January 2019 606
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспубликеи рыбжьара Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра 26 шықәса ахыҵит
21 January 2019 1080
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Д.Залкалиани иҳәамҭа.
18 January 2019 1138
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев.
Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит ахәыҷқәа рзы еиҿкааз ашықәсҿыцазтәи акарнавал. Аныҳәа еиҿыркааит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи Москватәи аԥсуа диаспореи.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра ашьақәгылара 25-шықәса ахыҵреи Аекономист имши Адгәыр Арӡынба идиныҳәалеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Ареспублика Арцах Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь атәыла аҳәынҭқарратә хьыԥшымраз ареферендум амши Аконституциа амши инарыдҳәаланы.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
6 December 2018 746
Аԥсны Апарламент Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа ҩба: «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭреи» «Аекономикеи, ахəаахəҭреи, аҭҵаарадырреи, атехникатəи, акультуратəи усеицуразы Шьамтәылеи Аҧсныи еицырзеиҧшу Аилак аҧҵаразы аиҳабырабжьаратə Еиқəшаҳаҭреи аратификациа рзнауит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәамҭа провокациак аҳасабала иаднакылеит. Уи аҳәамҭа арегион аҟны аибарххара иацнамҵозар иагнархом. Асеиԥш иҟоу европатәи ачынуаа рҳәамҭақәа атәыла-агрессор идгылароуп иаанаго.
1 December 2018 564
Аԥснытәи аҿар рделегациа аҽаланархәит Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория развития", зықьҩыла Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәа жәпаки рҟынтәи аҿар злахәыз. Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория действия"мҩаԥысит Санкт-Петербург.