Ажәабжь ҿыцқәа
Нанҳәа 8 азы, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакра еиҿнакааит Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анаԥхгаҩы Саид Ҵнариеи Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амиграциатә усбарҭа аиҳабы Светлана Пысинеи онлаин реиԥылара.
11 August 2025 198
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Кавказнхыҵтәи аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсны Аделегациа аиҳабы, аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Одиссеи Бигәаа Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иҳәамҭазы иҟаиҵаз аофициалтә хҳәаа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адашшыларатә шәҟәы рышьҭит 2008 шықәса нанҳәамзазы иҟалаз арыцҳаратә хҭысқәа жәибжь шықәса рхыҵра инамаданы.
17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса нанҳәамза 7-8 руха, адунеи иахыҵәеит ажәабжь – Қырҭтәыла Арбџьармчқәа ҭынч ацәа иалаз Цхинвал ақалақь бзарбзанла иалахысуа ажәылара мҩаԥнагеит ҳәа. Ари ҵаҵӷәы змамыз агрессиа шәҩыла аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаара иалнахит, арегион ауааԥсыра зегьы ргәаҵаҿы ӷьашьа змам ахәра ӷәӷәа азааннажьит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи аминистрра-абжьгаҩ Алиас Аибеи Боливиа ахьыԥшымра ҩышә шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит. Аусмҩаԥгатә Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра азал Сандино аҿы имҩаԥысит.
2025 шықәса нанҳәа 6 азы, Никарагуатәи аган аԥшьгарала, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентскеи, Ареспублика Никарагуа аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильои, Никарагуа абизнеси абанктә усхкқәа рхаҭарнакцәеи авидиоеимадара аформат ала дрыҿцәажәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа иира Амш идиныҳәалеит.
Нанҳәа 2–3 рзы Никарагуа ақалақь Манагуа аҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аҟазареи, акультуреи, агастрономиеи рфестиваль.
Александр Ватаман Урыстәылатәи Афедерациа аҭынчрахьчаратә мчқәа Приднестровиа иалагалоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит