Ажәабжь ҿыцқәа
2 March 2026 2
Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа аибарххара инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы иҟоу Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ахыхьчаратә уснагӡатәқәа ирықәныҟәаларц, рыуацәеи дареи аимадара рыбжьазарц, Аԥсны АдәАР иахьыҟоу аҭыԥ азы адырра арҭаларц.
1 March 2026 23
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа арегион аҿы аҭагылазаашьа аҿиара зҿлымҳарыла иацклаԥшуеит, агәҭынчымра аанарԥшуеит Еиду аштатқәеи Израили Иран аҵакыра иарҭо ажәыларақәа ирыхҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы.
28 February 2026 16
Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Хьыбла Амҷԥҳа лхы алалырхәит иналукааша апоет, афашизм аҿагылара афырхаҵа Муса Џьалиль дахьыршьыз аҭыԥ аҿы иҟоу амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.
27 February 2026 38
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа есышықәса жәабран 27 рзы иазгәарҭо рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит.
Ибрагим Аҩӡбеи Иауз Аҭрышбеи Анкара иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Корицки еиҿикааз аиҩызаратә дкылара рхы аладырхәит.
Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчра змоу ахаҭарнак, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Хьыбла Амҷԥҳа лхы алалырхәит Гәымбольд иуниверситет Жәларбжьаратәи ахатәы бызшәа Амш азы имҩаԥнагаз аусмауснагӡатә.
Жәабранмза 19, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасарови Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы иҟоу атәылахьчара азҵаарақәа рзы атташе аполковник Сергеи Надежкини рнаԥхьарала, Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз аҳәынҭқарратә дкылара ихы алаирхәит.
Жәабранмза 19, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчра змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа афорум «Женеватәи аиқәшаҳаҭра 60 шықәса ахыҵра: актуалра, азакәанра, Венесуела аҭоурыхтә позициа» аартра ихы алаирхәит.
Жәабранмза 20, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчра змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, зхы иақәиҭу ауаа Реинрал Аугусто Сесар Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 92-шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.