Ажәабжь ҿыцқәа
22 October 2025 85
IV Жәларбжьаратәи Алиса Гыцԥҳа лмузыкатә еицлабра-лабораториа аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 22 рзы имҩаԥысит аицлабра ахԥатәи атур (хаҭалатәи аӡырҩрақәа) аоркестр ацны. Никарагуатәи Афонд «Инканто» ахапанагӡаҩ Катерин Веласкес аноминациа «Аоператә шәаҳәара» далахәын.
21 October 2025 94
2025 шықәса жьҭаара 21 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа «Амузыка – дгьыли ҳәааи зыбжьам адиалог» адиректор Алиса Гыцԥҳаи Никарагуатәи Афонд «Инканто» (Никарагуатәи авокал аинститут) ахапаҳәаҩы Катерин Веласкеси дырԥылеит.
Алиса Гыцԥҳа илаԥшьгамҭоу Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториаҿы Афонд "Инканто" ахапанагӡаҩ Катерин Веласкес лалахәхара инадҳәаланы имҩаԥысуаз апресс-конференциа Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа иҽалаирхәит Никарагуа Аоператә шәаҳәара афонд "Инканто" анапхгаҩцәа Лауреано Ортегеи Елис Пикадои рнаԥхьарала.
Жьҭаарамза 20 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц анапынҵа ҷыдақәа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацҳаражәҳәаҩ Аизек Кумессин диԥылеит. Аиԥылара далахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба.
Жьҭаара 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Аладатәи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ЕС аҟынтәи ацхантәаҩ Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи ацхантәаҩ ахантәаҩы Кшиштоф Ернст Спети, аиҿцәажәарақәа рҿы ООН ахаҭарнак инапынҵақәа назыгӡо Хаилу Мамо. Аԥсуа ган аҟынтәи аиҿцәажәарақәа ирылахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа – Артур Гагәылиа, Лаша Аҩӡба.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аполитикатә партиа «Амцахара» аветеранцәеи алахәылацәеи ирыдиныҳәалеит апартиа 25 шықәса ахыҵра арыцхә.
9 October 2025 281
Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Ахеилак арезолиуциа “Қырҭтәыла аус ацура” адкылареи, уи ашьҭахь Британиа Ду ахаҭарнакцәа иҟарҵаз аҳәамҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыхьӡ аицакра аполитикатә спектакль иахәҭакуп.
2025 шықәса жьҭаара 6 рзы Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Ареспублика Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Гондурас аруаҩ Имши аинрал Франсиско Моразан имширеи разгәаҭара далахәын.
2025 шықәса жьҭаара 4 азы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Ареспублика Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи аминистр-иабжьгаҩ Алиас Аибеи америкагәҭантәи ахьыԥшымра афырхаҵа, аинрал Франсиско Моразан иира 233 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатә иалахәын.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Москватәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Аҳәынҭқарратә Институт аҟны иҟоу жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа Ринститут иԥхьагылоу анаукатә усзуҩ, аполитолог, ажурнал «Международная аналитика» аредактор хада Сергеи Маркедонови реиԥылара мҩаԥысит 2025 шықәса жьҭаарамза 3 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны.