Ажәабжь ҿыцқәа
Мшаԥы 24 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци РОО "Ростовтәи Аԥсуа диаспора" ахантәаҩы Виктор Ҳашбеи реиԥылара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҿыц Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩыс иаҭоу Асҭамыр Кациа иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа идикылеит.
Урыстәылатәи Афедерациаҿ усутә ныҟәарыла иҟазаараан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Ареспублика Никарагуа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиеи иареи аиԥылара мҩаԥыргеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәараан имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистри Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада ҿыц Валериа Џьемелло.
Ԥхынҷкәын 11 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессорра-рҵаҩратә еилазаареи азанааҭ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» астудентцәеи реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Олег Барцыци ААУ аректор Алеко Гәарамиеи реиԥылара.
Ԥхынҷкәынмза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» афакультет астудентцәа дырԥылеит.
Ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит ҳџьынџьуаа рделегациа напхгара азызуа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахада Иауз Аҭрышба.
2025 шықәса абҵара 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Италиа иҟоу, анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амедал «Алшамҭақәа рзы» ианеишьеит 2016 шықәса раахыс имҩаԥиго иусура, Аԥсни егьырҭ атәылақәеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, аҳәаанырцә, ҷыдала Италиатәи ареспубликаҿ ахьӡ ашьҭыхреи аларҵәареи рҿы илшамҭақәа рзы.
Абҵарамза 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц диԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани. Аиԥылара рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниеи Вито Гриттани иԥшәмаԥҳәыс Камелиа Дарина-Попи.