Ажәабжь ҿыцқәа
2 April 2026 86
Мшаԥы 2 рзы Донецк Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин Аԥсны Аҳәынҭқаррахь дааит жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" иҽалаирхәырц.
Никарагуа Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Никарагуа Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденев диҭааит.
Евразиатәи Ауаажәларра 2026 шықәса хәажәкыра 26 рзы Берлин имҩаԥыргеит адискуссиатә хәылԥазы «2026 – аибашьра акәу аҭынчра акәу?", актуалра злоу жәларбжьаратәии ашәарҭадара азҵаарақәеи ирызкны.
30 March 2026 77
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысыз, 2025 шықәсазтәи Аихшьала ҭҵаарадырра-практикатә конференциа аартреи апленартә еилатәареи ихы рылаирхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҿыц Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩыс иаҭоу Асҭамыр Кациа иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа идикылеит.
23 March 2026 100
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Аԥсны АдәАР ахықәкытә ҿаҵала Москватәи Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҳәынҭқарратә институт (ауниверситет) еиндаҭларатә лыԥшаарала аҭаларазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рҟынтәи арзаҳалқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟарҵоит:
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров имшира идиныҳәалеит.
Женева ихыркәшахеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа ирызку жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистрра апресс-маҵзура. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, иара убас Урыстәылатәи Афедерациеи Еиду Америкатәи аштатқәеи ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩрала.
Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд хдыркәшеит Женева, хәажәкыра 19 рзы.