Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы нарышьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амилаҭтә ныҳәа, жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Палестина Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Маџьид Заки Абу аль-Ҳава Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ҳаҭырла диҭааит.
29 October 2025 68
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москваҟа аусуратә ҭаара мҩаԥигоит. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчрақәа рхаҭарнакцәа рԥылара.
25 October 2025 45
Жьҭаара 23-28 рзы Москва имҩаԥысит VIII Адипломатцәа ҿарацәа рфорум "Аиааира адипломатиа". Аусмҩаԥгатә азкын жәлар рдипломатиа 100 шықәса ахыҵра, имҩаԥысит Россотрудничествои Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломаттә академиеи рыцхыраарала.
24 October 2025 34
Жьҭаара 24 рзы Аԥсны иҟоу Никарагуа ҳаҭыр зқәу Аконсулраҿы ҳаҭыр зқәу аконсул Алиас Ҳашба Никарагуатәи Афонд «Инканто» (Никарагуатәи авокалтә институт) ахапанагӡаҩ хада, Алиса Гыцба имҩаԥылго Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабраҿы "Амузыка – дгьыли ҳәааи зыбжьам адиалог" аҟны аԥхьахәқәа ҩба занашьахаз Катерина Веласкес дылԥылеит.
Никарагуа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа жәларбжьаратәи авидеоконференциа "Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахақәиҭтәрахь амҩа" далахәын.
Жьҭаара 23 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Алиса Гыцԥҳа напхгара ззылуа IV Жәларбжьаратәи амузыкатә аицлабра-лабораториа «Амузыка – дгьыли ҳәааи зыбжьам адиалог» аҿы аиааира згаз аԥхьахәқәа ранашьара аныҳәатә церемониа мҩаԥган.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз IV Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа «Амузыка – дгьыли ҳәааи зыбжьам адиалог» аҿы аԥхьахәқәа рыҭара аныҳәатә церемониеи агала-концерти рҿы иқәгылара.