Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра иахьа иналукааша аныҳәамш азгәанаҭоит

Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра иахьа иналукааша аныҳәамш азгәанаҭоит
6 ноября 2023 885

Аԥсуа телерадиоеилахәыра – 45 шықәса раԥхьа, абҵарамза 6, 1978 шықәсазы, ателербагаҟынтә аԥсышәала ҳбызшәа ахьықәнаҩыз, иахьагьы қәҿиаралаҵәҟьа ҳбызшәа ҳауаажәлар иднарҳауеит.

Ателехәаԥшрантә адырра ажәлар рызнагара – имариам усуп, уи иаҵоу аџьа акыр ирацәоуп. Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра иахьа инанагӡо аҵакы ахә узшьом, избанзар уи иаланарҵәоит адунеи ҳаԥсадгьыл иазку иҵабыргу адыррақәа, иахьатәи аамҭазы уи хымԥадатәны иҟоуп.

Ҳаҭыр зқәу Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа! Шәнапынҵа ду аҿы гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит аусуратә гәаҳәара ду, ҳажәлар ирызнажәго адырраҭарақәа зегьы ҳтәыла жәлар рыбзиареи реизҳазыӷьареи ирызкызааит!

Ари акырӡа зҵазкуа амш аҽны аколлектив зегьы ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аманшәалареи!

Полезные ссылки

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: