Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрразы
Лаҵара 17 азы Аԥсны есышықәса иазгәарҭоит аԥсуа дипломатцәа рзанааҭтә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ашьақәгылара Амш.
Аекономикатә ембарго, ганрацәалатәи аҭахкаара, Қырҭтәыла аганахь ала аибашьра арҿыцраз ашәарҭара уҳәа ианраамҭаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра имҩаԥнагон адәныҟаполитикатә усура, иагьалнаршеит алҵшәа бзиақәа раарԥшра.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аԥсны адәныҟаполитикатә усҳәарҭа напхгара арҭон: Ҭаркьыл С.Р., Џьинџьолиа С.Р., Лакербаиа Л.И., Озган К.К., Ахба И.М., Шамба С.М., Ӷәынџьиа М.Х., Чрыгба В.А., Ақаҩба Д.В., Арӡынба И.Б.
2025 шықәса мшаԥымза 18 инаркны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟоуп Барцыц О.М.
Аԥсуа профессионалтә дипломатиа аиҿкаара анырра ду анаҭеит адунеи аҟны еицырдыруа Урыстәыла, Америка, Франциа, Германиа, Британиа рдипломатиатә школқәеи иареи реинырра, ООН, ОБСЕ, ЕС реиԥш иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура.
Аԥсны адәныҟатә политикаҿы аԥыжәара анаҭоит:
-
атәыла ашәарҭадара аиҿкаареи аекономикатә ҿиареи;
-
жәларбжьаратәи азхаҵара алыршареи жәларбжьаратәи аиныррақәа рырҭбаареи;
-
Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызаратә еизыҟазаашьа арҿиареи арӷәӷәареи;
-
аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа Аԥсны радыԥхьалара;
-
Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзинқәа аҳәаанырцә рыхьчара