Ажәабжь ҿыцқәа
Мамуки Мдинараӡе уаанӡа иҟаиҵаз аҳәамҭеи асоциалтә ҳа X аҿы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз адырраҭареи инарымаданы, иазгәаҭатәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит ақырҭуа политикатә спектр хазы игоу ахаҭарнакцәак, жәларбжьаратәи апроцессқәа рхатә политикатә зыԥшрақәа инарықәыршәаны рыҟаларазы рҽазышәарақәа, обиективла ишьақәгылаз арегионалтәи жәларбжьаратәи ареалиақәа шаадмырԥшуа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра хшыҩзышьҭрала, еилкаарыла иазнеиуеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак М. Захарова «Sputnik Қырҭтәыла» аинтервиу аҭо илаҳәаз.
Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа Евразиатәи Аилазаара (Берлин) анапхгара ааԥхьарала итрадициатәу Қьырсаныҳәа ахәылԥаз даҭааит.
2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 3 рзы агазеҭ «Известиа» аҟны икьыԥхьу Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ахҳәааҿы иқәыргылоу азҵаарақәа жәпакы рганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра иааннакыло апозициа аилыркаара хымԥадатәины иҳаԥхьаӡоит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз IV Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-лабораториа «Амузыка – дгьыли ҳәааи зыбжьам адиалог» аҿы аԥхьахәқәа рыҭара аныҳәатә церемониеи агала-концерти рҿы иқәгылара.
17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса цәыббрамза 9 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит. Ари ашьаҿа ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара астратегиатә еиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәгыларазы азакәантә шьаҭа аԥҵара алнаршеит.
2025 шықәса нанҳәа 19 азы Еиду Амилаҭқәа Реидгыла аштаб-квартираҿ Ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәа реилатәара мҩаԥысит, уи 2008 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ирызкын. Аилатәара аихшьаалақәа рыла мраҭашәаратәи тәылақәак рхаҭарнакцәа аицҳәамҭа ҟарҵеит Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара иадгыланы, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рырратә базақәа ахьыҟоу иаҿагылани.
АҞӘА, нанҳәа 16. /ТАСС/. Урыстәылеи Америкатәи Аидгылеи рхадацәа Владимир Путини Дональд Трампи Алиаска реиԥылара иалҵшәаны атәылақәа реизыҟазаашьақәа еиӷьхап ҳәа агәыӷра ҳамоуп ҳәа игәаанагара ааирԥшит ТАСС акорреспондент диҿцәажәо ахадацәа реиԥылара ахҳәаа азҭаз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь иҟаиҵаз ахҳәаа: