Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Сҭампыл иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аконсурал хада иаҭааит, Сҭампыл иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аконсул хада Александр Калачиов иԥылара мҩаԥысит.
63-тәи Дамасктәи жәларбжьаратәи аџьармыкьа алахәхара аҳәаақәа ирҭагӡаны ацәыргақәҵатә комплекс аконцерттә плошьадкаҿы аԥсуа артистцәеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәеи реицықәгылара мҩаԥысит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Шьамтәылатәи Арабтә Республика афинансқәа Рминистрра апавильон иаҭааит.
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Евгени Козлов иԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны апавильон ҳаҭыр зқәу асасцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Аҳмед аш — Шараа иаб, Хәсеин аш-Шараа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апавильон 63-тәи Жәларбжьаратәи Дамасктәи аџьармыкьа иалахәу аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа русуратә еицәажәареи реимадара аҿиареи рзы иаартыз аплошьадкақәа ируакхеит.
Нанҳәамза 27, 2026 шықәса рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы аминистр инапынҵақәа назыгӡо, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара мҩаԥысит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы Адәныҟатәи аусқәа Рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аусуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Лыԥха змоу Антиохиеи Мрагылара зегьи Рпатриарх Иоанн X аделегациа идикылеит Дамасктәи ирезиденциаҿы.