Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр
Шамба Сергеи Мирон-иԥа
Сергеи Мирон-иԥа Шамба диит хәажәкырамза 15, 1951 шықәсазы Гәдоуҭа. Аҵара иҵон Аҟәатәи абжьаратә школ №10 аҟны.
1973 шықәсазы далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. 1975 шықәсазы СССР Арбџьар мчқәа рахь днаԥхьан, 1976 шықәсанӡа Чимкент ақалақь (Ҟазахстан) аҟны аррамаҵзура дахысуан.
1976 – 1990шш. – абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут аусзуҩ, аҭҵаарадырратә маӡаныҟәгаҩ. Ихьчеит акандидаттә диссертациа «Ижәытәтәуи абжьарашәышықәсақәа ирыҵаркуеи Аԥсны аҿы аԥараҿырп ахархәара» атемала. Еиуеиԥшым археологиатә експедициақәеи ажрақәеи дрылахәын Аԥсны аҵакыраҿы. Раԥхьаӡа акәны монографиала иҭиҵааит, иагьикьыԥхьит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аҟны иҵәахыз анумизматикатә материал (VI – VIII ҳ. ашә.).
1998 шықәсазы ихьчеит адоктортә диссертациа Еревантәи археологиатә институт аҿы абри атемала: «Археологиеи анумизматикеи рдыррақәа рыла ижәытәтәуи абжьарашәышықәсақәа ирыҵаркуеи Аԥсны аполитикатә, асоциал-економикатә, акультуратә ҭагылазаашьа (ҳера ҟалаанӡа VI ашә. — XIII ҳ. ашә.)»
Рашәарамза 17, 1988 шықәсазы аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа 60-ҩык дрылахәны инапы аҵеиҩит КПСС XIX Аидгылазегьтәи апартконференциа апрезидиум иазынашьҭыз, монефестны иҟалаз, раԥхьаӡа акәны аԥсуа милаҭтә еиҭаҿиара ахықәкы хадақәа ҳәаақәызҵаз "Аԥсуаа рышәҟәы».
1990 шықәса хәажәкырамзазы далхын ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Аидгылара» ахантәаҩыс.
Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак апрезидиум далахәылан.
1992ш. жәабранмза - 1996ш. абҵарамза — Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҵареи рзы акомиссиа ахантәаҩы. Иара убри аамҭаз, 1993ш. ажьырныҳәамза - 1993 жьҭаарамза рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, арратә комиссар.
1996ш. хәажәкырамза - 1997ш. лаҵарамза рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура Афонд ахантәаҩы.
1997ш. лаҵарамза - 2004ш. рашәарамза — Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр. Аԥсны ахада Иусԥҟала 2001 шықәса ԥхынгәы 9 азы азинмчнагӡеи аҷыдалкааи змоу ацҳаражәҳәаҩ иранг ианашьоуп.
2004 шықәса ԥхынҷкәынмза 15 инаркны, ҩаԥхьа - Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр.
2010ш. жәабранмза - 2011ш. цәыббрамза — Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр.
2020 шықәса ԥхынгәымза 28 инаркны – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ.
Аполковник ԥхьатәа. Хыԥхьаӡара рацәала амонографиақәа, ашәҟәқәа, аҭҵаарадырра-политикатә ҟазшьа змоу акьыԥхьымҭақәа дравторуп.