Легализация
Азхаҵара
Аконсултә зхаҵара аԥҟаррақәа
1.Аконсултә зхаҵара иаанагоит адокументқәа уахьнеиуа атәыла азакәанԥҵара иақәшәои иақәымшәои рышьақәыргылареи урҭ адокументқәа рҟны амҳәыри знапы аҵазҩыз амаҵзурауаҩ инапынҵеи риашара ашьақәыргылареи.
2.Азхаҵара рҭахны иҟам Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара иаҿагылоу мамзаргьы Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа ааха рызҭар алшо, ма Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыхьӡи раҳаҭыри ԥызҽуа адыррақәа змоу адокументқәеи актқәеи.
Иазхарҵо адокументқәеи актқәеи ыҟазарц шахәҭоу
1.Ишьақәыргылоу аԥҟаррала азхаҵаразы ирыдыркылоит аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа ркомпетенттә органқәа ирырҭо адокументқәа роригиналқәа.
2. Аҳәаанырцәтәи адипломатиатә хаҭарнакра мамзаргьы аконсултә усҳәарҭаҟны адокумент азхаҵара адокумент аҳәынҭқарратә мамзаргьы аофициалтә бызшәаҟынтәи атәымбызшәахь аиҭагара иадҳәалазар, анотариалтә шьақәырӷәӷәара змоу адокумент иара ахьрырҭоу атәыла аконсултә хаҭарнакраҟны аиҭагагьы ацҵаны иазхарҵар ҟалоит. Аиҭага абӷьыц армарахьтәи аган аҟны иарбазар ауеит (атекст аҳәынҭқарратә мамзаргьы аурыс бызшәала иҩу армарахьтәи аган аҟны игылоуп) ма хазтәи абӷьыц аҟны ианызар алшоит. Аҵыхәтәантәи аан аиҭагеи адокументи еидырҳәалоит.
3. Аԥсны Аҳәынҭқарра аконсултә усҳәарҭаҟны адокумент, нотариалла ишьақәырӷәӷәо аԥсуа бызшәахь мамзаргьы аурыс бызшәахь аиҭага иара азхаҵара азыԥсахуам.
4. Азхаҵаразы инагоу адокументқәеи актқәеи еилургартә иҩызароуп, амаҵзурауаа рнапынҵамҭақәеи амҳәырқәеи еилыкка иубозароуп.
Ариашарақәеи ацҵақәеи адокумент знапы аҵазҩыз рнапынҵамҭа аԥхьа ирыхцәажәазароуп, аԥсышәала, урыс бызшәала мамзаргьы атәым бызшәала инагӡоу азхаҵаратә қәҩыраҿ еиҭаҳәазароуп.
Гханы иҩу, нас ириашоу, иҵәаӷәоу арҭ ариашарақәеи ацҵақәеи аханатә ишҩыз уаԥхьартә иҟазароуп. Ариашарақәеи ацҵақәеи азхаҵаратә ҩыраҿ иҟаҵазар азхаҵара мҩаԥызго амаҵзуратә хаҿқәа уи иахцәажәаны рнапы аҵарҩыроуп.
5.Азхаҵаратә қәҩыраз аҭыԥ ыҟамзар иара хаз иго абӷьыц аҟны ирыҩуеит, адокумент ма акт иадырҳәалоит, аҵыхәтәантәии иареи мҳәырлеи азхаҵара мҩаԥызгаз ахаҿы инапынҵеи рыла еидыркылоит.
6.Азхаҵара рҭахым Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҳәынҭқарратә органқәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәеи ирырҭаз адокументқәа, урҭ арҭ атәылақәа рҟны рцәыргаразы (Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра (17.10.2008) ахәҭаҷ 9) инақәыршәаны.
Адокументқәа рызхаҵара аԥҟарра
Адокументқәа рызхаҵара мҩаԥысуеит мчыбжьык ахь ԥшьымш (ашәахьа, аҩаша, аԥшьаша, ахәаша). Адокументқәа рыдкылара мҩаԥысуеит 9:30 - 12:30 рзы, рыҭара мҩаԥысуеит 16:00 - 17:00 рзы (ахаша, ахәаша).
Адокументқәа рыдкылареи рыҭареи мҩаԥысуеит заанаҵтәи шәҟәынҵарада.
Ишахәҭоу еиԥш еиҿкааны инагоу адокументқәа рызхаҵара аҿҳәара жәамш еиҳамзароуп.
Адокументқәа рызхаҵаразы азыҳәа ҟазҵо Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инеигароуп абарҭ адокументқәа:
Арзаҳал (аҿырԥшы ацуп); ахаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент, аиурист хаҿқәа рзы – агәраргага;
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ ахархәаразы атәым ҳәынҭқарра аофициалтә мчрақәа алахәны ирыҭоу адокумент (ахкьыԥхьааи иареи еицҵаны);
Аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррахь иргараны иҟоу, Аԥснытәи аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи ирырҭоу адокумент (ахкьыԥхьааи иареи еицҵаны);
Азхаҵаразы инарго адокументқәа:
Ареквизитқәа рымазароуп (аномер, арыцхә, анапынҵа, амҳәыр);
Иарбанызаалак арҽеирақәеи, ацҵаҩырақәеи, аҵәаӷәӷрақәеи крандашьла имҩаԥгамзароуп. Адокумент атекст еилыкка иҟазароуп, анапынҵақәеи амҳәырсахьақәеи еилургозароуп;
Бӷьыцк аасҭа зтекст еиҳау адокументқәа еидӡахылазароуп, аномерқәа рыҭазароуп, мҳәырла еидкылазароуп.
Аконсултә маҵзура имҩаԥнагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рҟынтәи иаауа адокументқәеи актқәеи атәыла аҳәынҭқарратә органқәа рмаҵзуратә хаҿқәа рнапынҵақәа рыманы рымҳәыр раархазар.